Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ирацәоуп иаҳзеиқәмырхаз аобиектқәа . Иҟоуп ауаҩы инапала ибжьыхыз , иҟоуп ианамыцхраа , еилаҳазгьы . Тамшьтәи адәыҕба аанҿасырҭа алахьынҵагьы ауаҩы инапы ианын. Акыр зычҳаз акыр ибеит рҳәоит аҧсуаа. Еиқәырхаз хәыҷы-хәыҷла аиҭашьақәыргалара иалагеит . Тамшьтәи адәыҕба аанҿасырҭа аиҳабы Гиви Занҭариа ибзоурала еиқәырхаз ахыбра аҧсҭазаара ҿыц аиуит . Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа .