Ашықәс Ҿыцазтәи аныҳәақәа раан Аҧсныҟа ҧсшьара ҳәа иааз рхыҧхьаӡара маҷӡамызт. Дара рҭааны ирбеит ҳтәыла аҭыҧ ҧшӡарақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан аӡиа Риҵа, Афон-ҿыцтәи аҳаҧы. Асасцәа ахьаанҿасуаз анхарҭақәа рҟны ирзаҧҵан иманшәалаз аҭагылазаашьақәа. Атема иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.