Аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русура аиҵаҟьара, аҵаратә процесс аиҧырҟьара, ауаажәларра агәыҭҟьа раргара хықәкыс иамоуп ахыбра арҭҟәацга аҵоуп ҳәа зны-зынла ҭелла анонимцәа иҟарҵо адырраҭарақәа. Аиҧш-зеиҧшу ахҭыс аҭыҧ аман ааигәа иара ҳара ҳҿгьы. Аҧсны ашьауҕатә закәанеидкыла излаҳәо ала ари терроризмуп. Уи аҧшьызго аҭакҧхықәра ҕәҕәа рыдҵахоит. Инарҭбааны ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.