Аҧсны аҵара аминистр Инал Габлиа дидикылеит Белгородтәи аҳәынҭқарратә технологиатә университет ахаҭарнак Сергеи Булгаков. Аиҧылара аҟны ирылацәажәан ауниверситети Аҧсны аҵара аминистрреи ирыбжьоу аимадара арҕәҕәара, астудентцәа ршәарҭадара, акадрқәа разыҟаҵара уҳәа азҵаарақәа.