Урыстәыла Украина имҩаҧнаго иҷыдоу аоперациаҿы хатәгәаҧхарала еибашьуз , аиааирагьы зхы ақәызҵаз Олег Бебиа игәаларшәара иазкыз ахәылҧаз мҩаҧган жәабран мза жәаҩа рзы, уи иалахәын аибашьҩы - аспортсмен ибзиан дыздыруаз иҩызцәа, иқәлацәа,иҭынхацәа.Гәыблыла дыргәаладыршәон. Ирҳәон еснагь изҿыҧшуаз, зыгәра газ ҩызаны дшыҟаз .