Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхаша, 14 Жәабран 2024 12:33

Аҟәатәи ашьха ахаҿра аҧсахуеит

Ҳаҳҭнықалақь ҧаса ахаҿра аазырҧшуаз Аҟәатәи ашьха аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьҭахь, иаарласны аҽеиҭанакраны иҟоуп. Аусурақәа ахырқәшарахь инеиуеит аобиектқәа хҧа рҿы. Аҧшырҭатә ҭыҧи, аӡыршәи, аколлонада ахаҭеи. Аусурақәа мҩаҧысуеит Аҟәа ақалақь иҟанаҵаз ацхыраара иабзоураны. Амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» ауп аиҭашьақәыргыларатә усурақәа знапы рылаку. Аҟәатәи ашьха аҿынтә Наала Чхьынџьериаҧҳа ланҵамҭа.

 
Last modified on Aхаша, 14 Жәабран 2024 12:40

Media