Аҧсуа режиссиор Наур Гармелиа иусумҭа «Аҵыхәтәантәи ахәҧса» алахәхоит ҩеижәиҩбатәи жәларбжьаратәи акинодебиутқәа рфестиваль «Дух Огня». Ари Ленфильм иаҧнаҵо акиносахьа аметраж дууп. Афестиваль хәажәкырамза ҩажәи хҧа рзы ихацыркхоит Ханты-Мансииск. Афильм Аҧсныи Урыстәылеи ркультура аминистррақәа рыцхыраарала иҭыхуп.