Лаҵара жәаха рзы ҧшьынҩажәа шықәса ҵит диижьҭеи аҳәынҭқарратә Жәлар рыкәашара ансамбль «Кавказ» аҧҵаҩы, Аҧсны Жәлар рартист, Ахьӡ-Аҧша аорден аҩбатәи аҩаӡареи «Ажәларқәа Реиҩызареи» рорденқәа занашьоу аҧсуа хореограф Кандид Ҭарба. Артист хаҭала дыздыруаз ргәалашәараҿы еилҟьаз, зус здыруаз, зыуаҩышьатә ҟазшьақәа ҳаракыз иакәны даанхоит.