Уи иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, абызшәадырҩцәа, аҵарауаа. Аиҧылараҿы иҟаҵан ажәалагалақәа абызшәа арҿиареи ахархәареи реиҕьтәра иазкны. Аҧсуаа ҳхатәы бызшәа аиқәырхара ,арҿиара, даара аҵак ду змоу усуп,- ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада. Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.