Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ихы алаирхәт аҧшьбатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа «Аҧеиҧш». Аиҧылараҿы еихыршьаалеит аматематикеи афизикеи рзы Ареспубликатә аолимпиада алҵшәақәа. Аицлабраҿы аиааира згаз, атәыла ахада ихьӡала аҧаратә ҳамҭақәа рыҭан, иранашьан аҳаҭыртә шәҟәқәа.