Урыстәылатәи агидцәа Аҧсны аекскурсиа амҩаҧгара ралагара ицәырнагоз азҵаарақәа ирылацәажәеит Жәлар реизара апарламенттә еилакы аилатәараҿы. Уи ашҟа ааҧхьара рыман атәыла Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Қәарҷиа, аҧыза -министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекскурсиа амҩаҧгаҩцәа рзаанаҭеидгылеи, атуризм аминистрреи рхаҭарнакцәа.