Уи алыршахеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи Гал араион иарҭаз афинанстә цхыраарала. Араион иазоужьын жәаха миллион мааҭ инареиҳаны аргыларақәа рҿы рхархәаразы. Иахьа араҟа аусурақәа еилашуеит. Еиҭашьақәыргылоуп аӡеизгараҭақәа ҧшьба. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.