Ҭынха дызмам аҩнатә ҧстәқәа лассы-лассы ҳаззыгьежьуа темоуп. Ари азҵаара аӡбара азы ашьаҿақәа шыҟарҵогьы, апроблема шыҟац иаанхоит. Аҳҭнықалақь ауааҧсыреи асасцәеи иҟьаланы амҩа иану еиҳаракгьы алақәа ашәара рызцәырыргоит. Амра Зарандиаҧҳа абри атема ҭылҵаауан.