Мызқәак ҵуеит Тҟәарчал ақалақь ахаҿра арҧшӡаразы еиуеиҧшым аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧысуеижьҭеи. Амҩақәа, ауааҧсыра раамҭа ахьырхырго аҭыҧқәа,ашьаҟауаа рныҟәарҭақәа уҳәа идырҿыцуа маҷӡам. Уи алыршахеит атәыла анапхгара иҟарҵо афинанстә цхыраара иабзоураны.