Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aмҽыша, 28 Ԥхынгәы 2024 13:49

Џьонуеи Аиааиреи рымҩадуқәа реихҵәарҭаҿы ишьақәыргылан асветофор ҿыц

Уи алыршахеит Аҟәа ақалақь ахадара абзоурала. Уи аҭыҧ аҿы лассы-лассы арыцҳарақәа ҟалон. Аҭыҧантәи ауааҧсыра ақалақь ахадара рышҟа изныкымкәа аҳәара ҟарҵахьан. Иара убасгьы, асветофорқәа рҭагылазаашьа аиҕьтәразы аусурақәа цоит. Идрыцқьоит, илаҟәны иҟоу ацәаҳәақәа дырххоит. Иааизакны, ҳаҳҭнықалақь аҟны ҩажәи хҧа светофор шьақәыргылоуп. Урҭ русура шеиҿкаау атәы дазааҭгылоит Лаура Қаҧшьҧҳа.

 

Media