Фымш ирылагӡаны инагӡан амузыкатә программақәа жәба. Сынтәа ҩынтәуп еиҿкаауижьҭеи ари афестиваль. Асахьаркыратә напхгаҩыс дамоуп Чаиковскии ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа аушьҭымҭа Барас Кәыџба. Сариа Кәарцхьиа иҳаицеиҩылшоит амузыка аныҳәа.