Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aҧшьаша, 29 Нанҳәа 2024 06:46

Жәаф шықәса ҵит Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқарраны иазхаҵоуижьҭеи

Аныҳәақәа ирныҳәоу мшуп нанҳәа 26. Абар жәаф шықәса ҵит Аҧсны ихьыҧшым ҳәынҭқарраны иазхаҵоуижьҭеи.Зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа ршьа ҭызгаз ҭоурыхтә хҭысхеит Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара амш. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа, уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа,анацәа, Аҧсныҟа ааҧхьара змоу асасцәа-Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат Константин Затулин , Аахыҵ Уаҧстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев ашәҭқәа шьҭарҵеит аҧсадгьыл ахьчара аан иҭахаз Аҟәатәи рбаҟа амҵан. Иара убасгьы иаҭааит Аҧсны актәи ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыратәи амемориалтә комплекс.

 

Media