Раҧхьатәи аҵәҵәабжьы дыргеит раҧхьаӡа акәны ашкол ахыбрахь иҩналаз быжь-ҩык ахәыҷқәа рзы. Иҩбахаз- ашкол ҿыцны аҧсы ахарҵеит. Ахыбра акраамҭа иамбацыз аиҭашьақәыргыларатә усуруқәа абеит. Уи аҩыза аҳамҭа ссир ҟаиҵеит зқыҭа гәакьа згәы азыбылуа, зышколтә аамҭақәа гәыкала изгәалашәо, Аҧсны афырхаҵа Заур Зарандиа.