Раҧхьаӡа акәны ҳтәылаҟны иаатит зымҽхак ҭбаау аҧсуа милаҭ аспорт хәмарра «Аимҵакьачаразы» ареспубликатә турнир. Аицлабра иалахәуп акомандақәа жәба: Афон Ҿыц, Кәтол, Дәрыҧшь,Ҷлоу, Аҷандара, Ҧақәашь, Аҟәатәи актәи ахәбатәи абжьаратә школқәа. Убасгьы ари ахҭыс ҭоурыхызтәыз, ҷыдала ари атурнир рхы аладырхәырц иааит Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа «Аимҵакьачаразы» ркоманда. Атурнир мҩаҧыслоит цәыббра фбанӡа.