Аҧсны Ахада, ҳтәыла Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Аслан Бжьаниа иханатәаҩрала имҩаҧысит Атәылахьчара аминистрра аусбарҭеи аштаб хадеи рнапхгаратә еилазаара реизара. Уи аҟны ҩнызқьи ҩажәи ҧшьбатәи ашықәсазтәи русуреи арра-политикатә ҭагылазаашьеи ирзааҭгылеит.Афицарцәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит аҧсуа-аурыс еизыҟазашьақәа ирыдҳәаланы иҟоу аҭагылазаашьазы . Аилатәара иалахәын Аҧсны Ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа, ашәарҭадара ахеилак ахантәаҩы Рауль Лолуа, аиустициа аминистр Анри Барцыц.