Шықәс дуӡӡак иззықәҧоз аиааира ду амш ҩы-мчыбжьа шагыз иҭахаз иреиуоуп Аҧсны афырхацәа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаҧсахаз Кутолаа рҵеицәа Заур Сақаниеи Зурик Санӡааи .Аҟәа ахақәиҭтәразы ажәылара актәи амш азы рыҧсадгьыл рхы ақәырҵеит . Анышә иахьамадоу рҳаҭгәынқәа рҿы абираҟқәа шьҭырхит ари амш аҽны. Уи рыбзоуроуп Кәтолаа рҵеицәеи аҭыҧантәи анхацәеи. Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа .