Аладатәи Ешыра ақыҭан ауааҧсыра еиҧҟьарада ӡыла реиқәыршәаразы аӡхагалага астанциа аиҭашьақәыргылара иалагеит . Уи азы Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа идҵаҟаҵарала, ареспубликатә биуџьет аҟынтә иазоужьын 900 нызқь мааҭ аҧара. Иахьазы араҟа иргылоуп ахыбраҿыц, иқәыргылоуп аӡыҭгагақәа ҩба. Ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа.