Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа амҩақәа руак ихьӡ ахырҵеит Ҟарачы- Черкестәылантәи хатәгәаҧхарала Аҧсны еибашьуаз Мураҭ Куџев. Жәибыжь шықәса зхыҵуаз арҧыс Аҧсныҟа дааит аибашьра ианалага, иан ашәҟәы ҩны илзынижьеит. Усқәак иманы џьара дышцо, хьаас длымкырц хҧа- ҧшьба мшы дшыҟамло ала. Куџев Гәымсҭатәи афронт аҟны деибашьуан, дҭахеит ҧхынгәы ҧшьба, зқьи жәшәи ҧшьынҩажәи жәаха шықәса рзы. Ианашьан "Агәымшәаразы " амедал.