Аҟәатәи аҳаирбаҕәазаҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысраз аушьҭырҭатә ҭыҧ еиҿкаахоит . Уаҟа аус рулоит аветеринартә , акарантинтә , асанитар-епидемиологиатә маҵзурақәа . Зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу Аҧсны ауааҧсыра есымза аҧаратә цхыраара рырҭалоит. Иара убасгьы, апсихиатриатә цхыраара аҟаҵаразы аҧҟарра шьақәзырҕәҕәо адокумент ҳтәылаҿы раҧхьаӡа акәны ирыдыркылеит. Абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи ирызкын Аҧсны Аминистрцәа реилазаара имҩаҧнагаз аилатәара.