Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу Ешыра ақыҭа иаҭааит хыҧхьаӡара рацәала ауааҧсыра. Владислав Арӡынба дыргәаладыршәарц амемориалтә комплекс аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа , уи ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа, Аҧсны жәлар реизара адепутатцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра.