Уи аиҿкааҩцәас иҟоуп Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьра фырхаҵаратә Ахьӡ-аҧша амузеи. Уи аҟны ацхыраара рырҭеит Аҧсны Атәылахьчара аминистрра, аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә еилакы. Акциа амҩаҧгара иалахәын ашколхәыҷқәа, астудентцәа, убасгьы аҳәса-аибашьра аветеранцәа, ауацәа, аҭынхацәа.