Анаҩстәи ҳанаҵамҭа изкуп аибашьара аветеран Агәымшәаразы амедал занашьаз Рудик Ҧиҧиа. Аҧсны Аџьынтәылатә еибашьа ианалага, хьаҳәа-ҧаҳәа ҟамҵакәа Тҟәарчал ақалақь аҿы еиҿкааз агәыҧ «Ласточка» аҿы иабџьар шьҭыхны деибашьуан, уи ицеибашьуаз ирҳәоит, иқәра шыҟазгьы ахы дшазцоз, аҧсуаа аиааира шыргоз азы гәыҩбара шимамыз. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.