Ашәахьа ауха аоппозициа ахаҭарнакцәа Кәыдри Гәымсҭеи ацҳақәа адыркит. Иахьа шьыжьнаҵы Кәыдрытәи ацҳа аартын. Гәымсҭатәи- акәзар хәылбыҽханӡа атранспорт аныҟәара аанкылан .Шәачатәи аҳаирбаҕәазеи , адәыҕбеи , ахәышәтәырҭақәеи рахь иццакуаз ауааҧсыра ари аҩыза аҭагылазаашьа акырӡа иаргәамҵит . Иҟоуп иззымычҳақәа зыҧсы зылышәшәозгьы. Арҭ аҭыҧқәа рҿы аус руан ҳкорреспондентцәа .