Аҧсны анапхгара ақыҭанахамҩа арҿиаразы аҳәынҭқарратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны ахатәусдкылаҩцәеи анхацәеи ацхыраара рзыҟарҵоит хәыда-ҧсада. Убас, ҩышқәса раҧхьа,жәаҩык ахшара раб Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан инхоу Роман Чхамалиа ашәыр зҿалоу аиҭаҳатә ирҭеит. Иахьазы џьара-џьара аҽаҩра аҿыхра далагахьеит. Атема иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.