Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуааи, урҭ рахьтә зҭоурыхтә ҧсадгьыл ахьчара зхы ақәызҵаз афырхацәеи ирызкыз ацәыргақәҵа мҩаҧысит. Иара еиҿкаан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша Аҳәынҭқарратә музеи аҿы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.