Аҟәатәи абаҳчатә ақыҭанхамҩатә станциа 130 ш. ахыҵреи Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аинститут аҧҵоижьҭеи 30ш.аҵреи инарҭбааны иазгәаҭан. Имҩаҧган жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа. Уи аҟны ақыҭанхамҩа ахырхарҭала еиуеиҧшым ажәахәқәа ҟаҵан. Аконференциа рхы аладырхәит Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, иара убас Урыстәылатәи аҵарауаа.