Афымцанхамҩа аҭагылазаашьа шыуадаҩу иаанхоит. Урыстәылантәи иаахәаны иааҳго афымцалашара ахәҧса ахшәаара даара иуадаҩхеит,-ҳәа азгәарҭеит «Амшынеиқәафымцамч» ахаҭарнакцәа. Дара ражәақәа рыла, акриптавалиута арҳага амыругақәа зинда иқәыргылан измоу рыҧшааразы еиҿкаауп амилициа аусзуцәа злахәу агәыҧ. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.