Угәы зырҿыхаша ажәабжь. Аҟәатәи ахашараиураҭа ҩнаҿы аныҳәамшқәа рзы иит жәааҩык амаалықьцәа. Аҟәа инхо рахьтә раҧхьа ииз ахәыҷы аҳҭнықалақь ахадара шәнызқь мааҭ аҧара ҳамҭас ирҭеит.Традициак иаҩызахаз ари аус иацҵо , Ҵкәуаа рҭаацәараҿы ииз аҵеи иан аҧаратә сертификат лнапаҿы илырҭеит.Ахҭыс бзиа ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гьергьиаҧҳа.