Амилаҭтә журналистика иаиуит ацәыӡ ду, хынҩажәи хәба шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист Даур Инаҧшьба.«Ахьӡ- аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡареи, « Агәымшәараз амедали», « Кәыдрытәи аҩхаа аҭарцәразы» амедали занашьоу атележурналист Даур Инаҧшьба ҳтәылаҿы дыззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Иара иҧсҭазаара зегьы ажурналистика иазикит. Даур Ганта- иҧа Инаҧшьба иҧсҭазаара иалҵра харҭәаашьа змам цәыӡуп Ателерадиоеилахәыра аколлектив зегьы рзы.