Жәабран быжьба рзы ,аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргеит Аҧсны Аџьынтәтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Заур Шьоҭа-иҧа Анҭиа. Иара аибашьра ианалага инаркны, иабџьар шьҭыхны иҧсадгьыл ахьчара дгылеит. Аҧсуа Гвардиа далан, агәыҧ «Шьараҭын» аҿы деибашьуан,Тамшьтәи адесант далахәын, иҩызцәа иргаладыршәоит Заур Анҭиа аибашьра адәаҿы гәымшәарыла ихы шааирҧшуз .