Ари арыцхә аҳаҭыр азы Аҟәа агәаны игылоу ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭаҵан. «Абри соуп сара» - абас ахьӡуп арыцхә инамаданы иӡыргоу арккаҩы изку ашәҟәы-альбом. Агәалашәаратә хәылҧазы мҩаҧысит илитература-мемориалтә ҩны-музеи аҿы. Аусмҩаҧгатә иалахәын арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа, аҿар. Иара убас ишәгәалаҳаршәоит иахьа аҧсуа бызшәа амш шазгәарҭо. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.