Аҧсныҟа иаагоуп ашколхәыҷқәа рзы аҭоурых аҭҵаараҿы ицхыраагӡа духо арратә патриотә ҟазшьа змоу астендқәа. Ари аус алыршоуп Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин игрант аҳәаақәа ирҭагӡаны . Астендқәа еидыркылоит х-биҧарак ирыҵаркуа афырхацәа рхаҿсахьақәа, Аҧсны Аџынџьтәылатә еибашьраҿы фырхаҵарыла зхы аазырҧшызи , Аџьынџьтәылатә еибашьра ду иалахәызи, иара убасгьы Урыстәыла Украина имҩаҧнаго аоперациа ҷыда аан иҭахаз афырхацәа рыхьӡқәа. Аҧсны аҵара аминистрра 30 стенд Аҟәа ақалақьи араионқәеи ирыҵаркуа ашколқәа ирзыршеит , Иаарласны егьырҭ иаанхаз ашколқәа рзгьы иаагахоит .