Анцәа идгьыл аҧсуа ҳамҭас изыхииҭааз? Иарбан шықәсоу ианаартыз раҧхьаӡатәи аиҵыбаратә школ Оқәым ?-абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак аҟаҵараҿы рхы ҧыршәеит ашколхәыҷқәа аҧсуа бызшәеи алитературеи рзы имҩаҧысуаз амаҭәартә олимпиадаҿы. Адҵақәа рынагӡара аӡәы изы имариахоит,даҽаӡә изы ихыҧҽыгахар алшоит,аха олимпиадахь уаана уи аҩыза уақәымшәозароуп,ухы уақәгәыҕуазар-аиааира хымҧада иугоит. Ас еиҧш ихәыцуа ахәыҷқәа ирыҿцәажәеит ҳкорреспондентцәа.