Ишдыру еиҧш, мшаҧымза ҩба рзы Аҟәа аиҳабыра рхыбраҿы иазгәаҭоуп Аҧсны ахадас иалху Бадра Гәынба имаҵурахьы инеира иазку агәырҕьаратә усмҩаҧгатә. Аахыҵ-Уаҧстәыла Ахада Алан Гаглоев Аҧсны даҭааит атәыла ахадас иалху Бадра Гәынба иҭоубашьҭаҵара иазку аусмҩаҧгатә иҽалаирхәразы.Гаглоев аҧсуа-аурыс ҳәааҿы иҧылеит Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр инапынҵақәа назыгӡо Џьансыхә Нанба, аиустициа аминистр инапынҵақәа назыгӡо Анри Барцыц, Аҧсны иҟоу Аахыҵ-Уаҧстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.