Ари арыцҳара ду ҟалеижьҭеи шәи жәаба шықәса аҵра инамаданы, ҳреспубликаҿы агәаларшәагатә усмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Убас, Ованес Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи ажәбатәи абжьаратә школ аҿы аерман жәлар ргеноцид иазкыз ауснагӡатә иаҭааит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аҧыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыҧуаҩ Вараздат Миносиан, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, Аерманцәа рхеилак алахәылацәа.