Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aҩаша, 17 Рашәара 2025 22:14

2004 шықәсазтәи ақыҭанхамҩа апроектқәа ирҭааны игәарҭеит Аҧсны ақыҭанхамҩа аминистрра ахаҭарнакцәа

Адгьыл шәымазар, аидеиақәа рыла шәҭәызар- шәара ишәзыҧшуп ақыҭанхамҩа аминистрраҿы. Уаҟа ақыҭанхамҩа аҿиаразы акыр шықәса лҵшәа бзиала аус ауеит апрограмма. Арҭ амшқәа рзы иоурыжьхьо апроектқәа русушьа зеиҧшроу гәарҭон. Хаҭала агәаҭарақәа ирхыжьын еиҳарак ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәсазы ирыдыркылахьаз апроектқәа. Ақыҭанхамҩа аминистрреи Очамчыра араион ақыҭанхамҩа аҟәшеи рхаҭарнакцәа ирҭааит Лабра, Лашькындар, Мықә, Ҷлоу, Мухур ақыҭақәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 

Media