Шә-ҩык инареиҳаны аҧсуа школқәа раушьҭымҭацәа Урыстәылазегьтәи ашколтә хәылҧазы аҽалархәразы Аҟәантәи Сириусҟа амҩа иқәлеит. «Ҳхәыҷқәа аҭакҧхықәра ду рыдуп – ҳҳәынҭқарра ахаҿра аадырҧшуеит. Иҿырҧшыгоу аушьҭымҭацәеи Аҧсны атәылауааи зеиҧшроу ддырбароуп иахьнеиуа»- ҳәа азгәалҭеит азеиҧш бжьаратә ҵара усбарҭа аиҳабы Маиа Цибулевскаиа. Аҧсуа школқәа ари аҩыза аусмҩаҧгатә раҧхьаӡа акәны иалахәуп. Аушьҭымҭацәа Аҟәантәи ишынаскьаргоз ҳзеиҭалҳәоит Амра Зарандиаҧҳа.