Ахәыҷқәа анашана иалазырҧшуа, акробатцәа рҟазара ахьаадырҧшуа, абнатә ҧстәқәа еиуеиҧшым аномерқәа ахьынарыгӡо, абарҭқәа зегьы ахьубарҭо ацирк аҿы ауп. Амобилтә еимадара Амобаил ҳреспублика араионқәа жәаха қыҭа рҟынтә , ахәыҷқәа ари анашана рыблала ирбарц азы алшарақәа рзаҧнаҵеит. Убас, Аҧсны иааны иҟаз"Агәымшәақәа реҵәаџьаа" захьӡыз ацирк иаҭааны иахәаҧшит 550-ҩык ахәыҷқәа.