Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхаша, 15 Жьҭаара 2025 00:04

Аҧсны Ахада Б. Гәынба Очамчыра, Тҟәарчал, Кәтол, Гәдоуҭа азыҟаҵарақәа ирылахәу архәҭақәа дырҭааит

Ар ркомандаҟаҵаҩ хада, Аҧсны Ахада Бадра Гәынба Очамчыра,Тҟәарчал,Кәтол, Гәдоуҭа азыҟаҵарақәа ирылахәу архәҭақәа дырҭааит вертолиотла. Раҧхьаӡа Тҟәарчал итәеит. Атәыла Ахада ицын Атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Арбџьармчқәа рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченкои, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуеи. Атәыла Ахада иазгәеиҭеит, ҳаамҭазтәи аибашьра аҭагылазаашьа азгәаҭаны, арратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра шаҭаху. Иахьатәи азыҟаҵарақәа рҽеихшаны ирылахәын АТ аҭыхратә гәыҧқәа. Ажәабжь иацылҵоит Фатима Гьергьиаҧҳа.

Media

Иҵегь ари акатегориаҟны « Амшеикәшара 13.10.2025 Амшеикәшара 14.10.2025 »