33 шықәса раҧхьа ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Аҧснытәи аҳәынҭқарра архив ахыбра амца ацраҵаны ирблит. Дара хықәкыс ирыман аҧсуа жәлар рҭоурых атәы зҳәо шәҟәы бӷьыцкгьы аанмыжьра. Аха, уи залмыршахеит.Ари аамҭа иалагӡаны, архивтә материалқәа излауала маҷ-маҷ реиҭашьақәыргылара иаҿуп. Ари ахырхарҭаҿы аусқәа рҭагылазаашьа ҭылҵаауан Фатима Гьергьиаҧҳа.