Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aсабша, 25 Жьҭаара 2025 00:31

Аҧсны Жәлар рартист, атеатри акинои рартист Кьасоу Ҳагба иахьа ихыҵит 75 шықәса

"Сааҧсеит ижәар иалаӡам, убри аан атәара захьӡу издырӡом",- абас изырҳәоитАҧсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба акыршықәса инеиҧынкыланы аус ицзухьо иҩызцәа. Жьҭаара 24 рзы ихыҵит 75 шықәса. Инаигӡахьоу арольқәа рхыҧхьаӡара рацәоуп, ақәыргыламҭақәа:"Махаз", "Аҧсҳа Леон", "Иули Цезар"уҳәа. Арольқәа наигӡахьеит асахьаркыратә фильмқәа рҿы.  Аҧсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба иахьа уажәраанӡагьы Аҧсуа театр амаҵ азиуеит, инаигӡоит ақәыргыламҭақәа рҟны арольқәа.

Media