Ишьақәырӷәӷәоуп 2026шықәсазтәи аҳәынҭқарратә биуџьет. Ахашәала 19 миллиарди 14 миллиони шьақәнаргылоит. Ирыдыркылеит,иара убасгьы, адемографиа аҿиара апрограмма. Ҳазҭало ашықәс, ажьырныҳәамза 1 инаркны, актәи аҩбатәи ахәыҷқәа рзы 100 нызқь мааҭ рзыршәоит, ахҧатәи аҧшьбатәи рзы 200 нызқь мааҭ, ахәбатәии уи ишьҭанеиуеи рзы 300 нызқь мааҭ.