Аибашьра ашьҭахь, аамҭа кьаҿк иалагӡаны иаҧҵахаз аусбарҭақәа ирхыҧхьаӡалоу Аҧсны Атҵаарадыррақәа ракадемиа Аҧсуа ҳәынҭқарра арҿиараҟны аҭыҧ ҷыда ааннакылоит. Аҧышәа ду змоу, ззаанаҭ иазҟазоу , ихатәроу аиҳабыратә абиҧара аҭҵаарадырратә наука амаҵ азхызуа иахьатәи рымш ныҳәа азгәаҭара мҩаҧган.