Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҧсуа бызшәа арҿиаразы афонд имҩаҧнагеит аинтернетах архәарала иаҧҵоу ацифратә проектқәа рӡыргара. Афонд ацхыраарала иаҧҵоу арҭ апроектқәа шьақәзыргылаз авторцәа ирзааҭгылеит хаҭа-хаҭала досу ипроектзызку. Апроектқәа зегьы хықәкыс ирымоу - аҧсуа бызшәа арҿиареи , адунеи аларҵәареи роуп. Ари апроект ацхыраара аиҭеит Аҧсны АхадаБадра Гәынба.