Аҳәса жәларбжьаратәи рымш аламҭалаз Аҧсны атәылахьчара аминистрраҿы имҩаҧысит агәырҕьаратә еилатәара. Ар рымаҭәа зшәу аҭыҧҳацәеи, аҳәсеи , аветеранцәеи дрыдныҳәалеит аминистр Владимир Ануа. Ирзеиҕьеишьеит агәабзиареи, аманшәалареи. Иара убасгьы арра маҵзура анагӡараҿы зҽалызкааз иранашьан амедалқәеи агәаларшәагатә ҳамҭақәеи.